Аԥсны

Бзыԥ аӡиас иху Николаи ицҳаҿы аныҟәара ҩаха иаанкылахоит

Sputnik
АҞӘА, цәыббра 7 – Sputnik. Бзыԥ аӡиас иху Николаи ицҳаҿы аныҟәара аанкылахоит цәыббра 10-12 рзы, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Акапиталтә ргыларазы аусбарҭа.
Аргылаҩцәа ацҳа злеибарку абруқәа рыԥсхраны иҟоуп. Ари аус дара ҩаха иадхалоит.
Николаи ицҳа еиманадоит Гагра араион Бзыԥҭа аҳаблеи Гәдоуҭа араион Калдахәара ақыҭеи.