Аԥсны

Гагра ахәыҷқәа рыманы ҭагалан алагамҭаз аԥсшьараз иалырхуа аҭыԥқәа ирыҵанакит

Урыстәылатәи амаҵзура Tvil.ru ишьақәнаргылеит урыстәылаа ҭагалан азы ахәыҷқәа рыманы ԥсшьара ицарц ахьырҭаху.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 7 – Sputnik. Гагра ахәыҷқәа рыманы ҭагалан алагамҭаз аԥсшьараз иалырхуа аҭыԥқәа ирыҵанакит ҳәа аҳәоит Tvil.ru.
Аԥснытәи акурорт аиԥш арахь иаҵанакит: Шәача, Иалта, Гагра, Санкт-Петербург, Москва, Казань, Калининград, Кисловодск, Волгоград, Воронеж.
Амаҵзура адыррақәа рыла, цәыббрамзазы урыстәылаа аиҳарак мчыбжьык рыԥсы ршьоит, уахык азы иршәоит 2,8 - 4,2 нызқь мааҭ.
Цәыббрамзазы урыстәылаа аԥсшьараз иалырхуа ақалақьқәа жәаба

Ақалақь

Уахыктәи абжьарахәԥса

Бжьаратәла аԥсшьараамҭа

Шәача

3615 м

8 у

Санкт-Петербург

3724 м

5 у

Иалта

4249 м

8 у

Москва

4237 м

4 у

Гагра

3459 м

Казань

3011 м

Кисловодск

2907 м

7 у

Калининград

2829 м

6 у

Волгоград

2858 м

3 у

Воронеж

2822 м

1 у

Адыррақәа шьаҭаны ирымоуп Tvil.ru аҟны атуристцәа заанаҵтәи рҿаҵарақәа.