Аԥсны

Жәа-тоннак агуманитартә еидара ДЖәР ахь амҩа иқәнаҵеит афонд "Ашана"

Ииасыз амчыбжь азы агуманитартә еидара аиҿкаара ишаҿу атәы аанацҳахьан Аԥсны АҶА.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 7 - Sputnik. Жәа-тоннак агуманитартә еидара ДЖәР ахь амҩа иқәнаҵеит афонд "Ашана".
Афонд асоциалтә ҳақәа рхархәарала ааԥхьара ҟанаҵеит Донецктәи Жәлар Рреспубликаз агуманитартә цхыраара аизгара рхы аладырхәырц.
Аидара аԥснынтәи хатәгәаԥхарала Донбасс еибашьуа аинтернационалтә бригада "Пятнашкеи" аҭыԥантәи ауааԥсыреи ирыҭахоит.
Еизгоуп: аӡыржәтә, алимонад, аџьыка, ашәырқашь, абзазаратә химиа, ахәыҷқәа рзы аҵаршәқәа.
Аԥсны
Аԥсны АҶА ДЖәР азы агуманитартә цхыраара аидкылара ишалагаз азы аҳәамҭа ҟанаҵеит