Аԥсны

Аԥсны АҶА ахада иҳәеит Донбассҟа агуманитартә цхыраара андәықәырҵо

Аԥсны АҶА Донецк Жәлар ареспубликаз агуманитартә цхыраара аиҿкаара иалагеит цәыббра 2 азы.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 8 - Sputnik. Донбассҟа агуманитартә еидара дәықәҵахоит амчыбжь анҵәамҭаз, абри атәы иҳәеит Аԥсны АҶА аминистр Лев Кәыҵниа Атуризм аминистр Ҭеимураз Хышбеи иареи реицәажәараан. Абри атәы аанацҳауеит Атуризм аминистрра апресс-маҵзура.
"Уа ҳаннеиуа ҳара еиҿаҳкаауеит зыда ихәарҭам рсиа. Уа иарбо зегь ҳзеизымгозаргьы иалшо ҟаҳҵоит. Иара убасгьы ҳаибашьцәа ирҭаху рызнаагоит", - иҳәеит Кәыҵниа.
Ҭеимураз Хышба иҳәеит хаҭала дшазыхиоу атауарқәа раахәаразы афинанстә цхыраара аҟаҵара.
Аԥсны
Жәа-тоннак агуманитартә еидара ДЖәР ахь амҩа иқәнаҵеит афонд "Ашана"