Аԥсны

Бжьаниа Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны иҭахаз ҞЧА ахатәгәаԥхаҩцәа ранацәа дырԥылеит

1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра иалахәын ҞЧА аҟнытә 120-ҩык, урҭ рахьтә иҭахеит 13 -ҩык.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 8 - Sputnik. Аслан Бжьаниа Ҟарачы-Черқьесиантәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны иҭахаз ахатәгәаԥхаҩцәа ранацәа дырԥылеит. Абри атәы аанацҳауеит ахада иусбарҭа апресс-маҵзура.
Аҳәынҭқарра ахадеи аделегациа алахәцәеи Аԥсны Аҳәынҭқарра ахақәиҭреи ахьыԥшымреи зхы ақәызҵаз Ҟарачы-Черқьесиантәи ахатәгәаԥхаҩцәа рбаҟа, иара убас аҳәынҭқарратәи ауаажәларратәи аусзуҩ Иури Калмыков ибаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит.
Аԥсны ахада даҭааит Рашид Темрезов иусԥҟала Аԥсны Аҳәынҭқарра Актәи ахада Владислав Арӡынба ихьӡ зыхҵоу арҵаратә комплекс. Ара ҷыдала гәцаракра амоуп абазеи аԥсуа бызшәеи.
"Ҳашьцәа Абазақәа! Ижәдыруаз Аԥсны анапхгара есқьынгьы ҳаимадара арӷәӷәара, арҿиара ишацхраало. Анцәа Илԥха шәымазааит! Аԥсны ахада", - Аслан Бжьаниа агәаларшәага шәҟәы аҟны анҵамҭа нижьит.
Анаҩс Аслан Бжьаниеи аԥснытәи аделегациеи Хабез ақыҭаҟны Леон иорден занашьоу Мусса Дауров инышәынҭра иаҭааит.