COVID-19 иахҟьаны аԥсрақәа маҷхеит рҳәеит Агәабзиарахьчараз адунеизегьтәи аиҿкаараҿ

Нанҳәа 28, 2022 шықәсазтәи адыррақәа рыла, адунеи зегьы аҿы апандемиа иалагазар 598 миллион-хҭыс ашәҟәы иҭагалан, 6,4 миллион ԥсыҭбара ыҟан.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 8 - Sputnik. COVID-19 иахҟьаны аԥсыҭбарақәа еиҵахо иалагеит, жәабранмзаахыс 80% рыла еиҵахеит ҳәа апресс-конференциаҟны аҳәамҭа ҟаиҵеит Агәабзиарахьчараз адунеизегьтәи аиҿкаара (ВОЗ-аред.) ахада Тедрос Адханом Гебреиесус.
"Ачымазара ацәырҵреи аԥсыҭбарақәеи еиҳа-еиҳа еиҵахоит. Ари ҳгәы арӷәӷәоит, аха ԥхьаҟагьы усеиԥш ицап ҳәа агәрагара ҳамам. Есымчыбжьатәи аԥсыҭбарақәа жәабранмзаахыс 80% рыла икаҳахьеит", - иҳәеит иара.