Цәыббра 8 - Адыррақәа рыларҵәаразы Жәларбжьаратәи мшуп.
Аҿар ашкол аҟны ирырҭо адырра азымхозар иреиҳаӡоу аҵараиурҭа аҭаларазы, хымԥада, уи иаанарԥшуеит аҵаратә система аҭагылазаашьа, ҳәа азгәалҭеит Кәакәасқьырԥҳа.
"Избан изазымхои ашкол иҳанаҭо аҵара? Иабанӡеиқәшәоу, иаҳҳәап, иреиҳаӡоу аҵараиурҭазы ирымазарц ахәҭоу адырреи ашкол ирнаҭои? Иреиҳау аҵараиурҭа иҭало ашколтә программа инақәыршәаны ауп идырра шгәаҭатәу. Ус ауп иара аԥҟара шыҟоу, аха зны-зынла абитуриент иҿаԥхьа иқәгылоу адҵа ашколтә программа иҭысуеит. Ас еиԥш аиҿагыларақәа ыҟоуп… ус иааидкыланы ҳақәшаҳаҭхароуп акризис шыҟоу аҵаратә системаҟны…Иахьатәи ахәыҷы иҭахрақәа, идунеи ҳҽақәыршәаны диааҳгароуп аҵарахьы. Ҳара убри хәыҷык иаҳцәыӡны ҳаҟоуп. Ахәыҷы дҳаԥхьаӡаӡом ҳҵаратә процесс дасубиектны. Арҵаҩы ихы дахәаԥшуеит "сара соуп ихадароу, рҵаҩык иаҳасабала исымоу амчраҿы дыҟазароуп ахәыҷы", ҳәа. Ахәыҷы иинтерес аҿы арҵаҩы дицхраароуп, адырра дагәылалгалароуп ихаҭара баны, убри ала дцәыргатәуп аҵара адунеиахь", - ҳәа азгәалҭеит Кәакәасқьырԥҳа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.