Игәыгәҭажьым акҿаршә: "Тамшь" аангыларҭеи уи ахылаԥшҩи

Асоветтә аамҭа иаҭынхаз аихамҩатә вокзалқәа рфотоҭоурых шәыднагалоит Sputnik Аԥсны. Иахьатәи "афырхаҵа" - Очамчыра араион иҟоу аангыларҭа "Тамшь".
Sputnik
Аангыларҭа "Тамшь" ргылан 1949 шықәсазы, ахыбра дыргылон анемец тҟәацәа. Асовет Еидгыла аамҭазы араҟа иаанҿасуан аҭыԥантәи адәыӷбақәеи аелектричкақәеи реиԥш егьырҭ ареспубикақәа рахь ицоз атранзиттә дәыӷбақәа.
Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра ашықәсқәа рзы авокзал ааха ӷәӷәа аиуит. 1994 шықәсазы усурҭада инхаз аҭыԥантәи анхаҩы Гиви Занҭариа ахыбра нап адикылеит. Имчқәа рыла аангыларҭа аҵакыра ирыцқьеит, аҭыӡқәа ишәит, ашҭаҟны ашәҭқәа еиҭеиҳаит.
Адәыӷбақәа араҟа иаанымгылоижьҭеи акыршықәса ҵуеит, аха Занҭариа мышкызны аангыларҭа апассаџьырцәа рыла иҭәып ҳәа дгәыӷуеит.
1 / 12

Аихамҩатә аангыларҭа "Тамшь" гылоуп Очамчыра араион Тамшь ақыҭан.

2 / 12

Ари ахыбра Аԥснытәи аихамҩа иахәҭакуп.

3 / 12

Аангыларҭа "Тамшь" аартын 1949 шықәсазы.

4 / 12

Ахыбра дыргылон анемец тҟәацәа.

5 / 12

Асовет Еидгыла аамҭазы араҟа иаанҿасуан аҭыԥантәи адәыӷбақәеи аелектричкақәеи реиԥш егьырҭ ареспубикақәа рахь ицоз атранзиттә дәыӷбақәа.

6 / 12

Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра ашықәсқәа рзы авокзал ааха ӷәӷәа аиуит.

7 / 12

1994 шықәсазы усурҭада инхаз аҭыԥантәи анхаҩы Гиви Занҭариа ахыбра нап адикылеит.

8 / 12

Имчқәа рыла аангыларҭа аҵакыра ирыцқьеит, аҭыӡқәа ишәит, ашҭаҟны ашәҭқәа еиҭеиҳаит.

9 / 12

Ахыбра аиҭашьақәыргылараҿы Гиви Занҭариа ацхыраара ирҭеит Аԥснытәи аихамҩа аиҳабыра.

10 / 12

Адәыӷбақәа араҟа иаанымгылоижьҭеи акыршықәса ҵуеит.

11 / 12

Аангыларҭеи уи ахылаԥшҩи рыԥсҭазаара иазкны "Ушел 30 минут назад" захьӡыз адокументалтә фильм ҭырхит.

12 / 12

Занҭариа мышкызны аангыларҭа апассаџьырцәа рыла иҭәып ҳәа дгәыӷуеит.