Аԥсны

Аԥсны ахада Сулҭан Сосналиев Баксан ақыҭан анышә дахьамадоу даҭааит

Аԥсны ахада Аслан Ҟабарда-Балкариатәи ареспубликахь днеит цәыббра 9 рзы.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 9 - Sputnik. Аслан Бжьаниа зхадараҿы дыҟоу аԥсуа делегациа Аԥсны Афырхаҵа Сулҭан Сосналиев Баксан ақыҭан анышә дахьамадоу иаҭааит ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
"Сулҭан аҟабарда жәлар рымацара ракәымкәа, Кавказ ажәларқәа зегьы дырҵеи иашан. Ахәшьара уадаҩуп иара ҳҳәынҭқарра ашьақәыргылара аус аҟны инаигӡаз ароль, иара даҳмилаҭтә фырхаҵоуп. Ҳизыгәдууп. Ԥхьаҟатәи абиԥарақәагьы ирылаҳааӡоит ари иара ихьӡ", - ҳәа иҳәеит ахада.
Аԥсны ахада иара убасгьы еицырдыруа Муса Шанибов, Заур Налоев, Барасби Бгажноков, Мухамед Кушхов игәалаиршәарц рнышәынҭрақәа рҿы днеит.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа цәыббра 12 рҟынӡа Нхыҵ Кавказ ареспубликақәа дырҭоуп. Иара уахь инеира Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымши Ҟарачы-Черқьесиеи, Ҟабарда-Балкариеи, Адыгеиеи рышьаҭаркра 100 шықәса ахыҵреи ирызкуп.