80 шықәса раԥхьа цәыббра 9, 1942 шықәсазы Ԥсҳәы ақыҭа анемец фашистцәа рҟынтәи ахы иақәиҭтәын.
"Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан Аԥсны адгьылҵакыраҿы ицоз аидысларақәа Кавказ азы аибашьра иагәҭылсоуп. Насгьы уи аамҭазы Асовет Еидгыла адгьылҵакыраҿы ицоз аидыслара ӷәӷәақәа ҩба (Сталинградтәии Курсктәи архәеи рзы - азгә.) инарываргыланы ахә ршьоит Кавказ азы аибашьра", - иҳәеит Аҩӡба.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.