Аԥсны

Хаҵак иԥсҭазаара далҵит Гагра амҩатә машәыр аҟны

Ааха зауз Гагратәи араионтә хәшәтәырҭахь днаган, аха иоуз ахәрақәа рымшала уа иԥсҭазаара далҵит.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 9 – Sputnik, Бадри Есиава. Аӡәы дҭахеит цәыббра 9 рзы Гагра иҟалаз амҩатә машәыр аан. Абри атәы Sputnik акорреспондент изеиҭалҳәеит Гагратәи араионтә хәшәтәырҭа аҳақьым хада ихаҭыԥуаҩ Есма Асланӡиа.
Лара иазгәалҭеит амашәыр иақәшәаз ахәшәтәырҭахь дышнаргаз ахәаша асааҭ 13:30 - 14:00 рыбжьара. Амашьына авариа иақәшәеит гагратәи аихамҩа азааигәара ицо ареспубликатә мҩаду аҟны.
Апациент ахәшәтәырҭахь даннаргаз иԥсы ҭан, аха иаарласны иԥсҭазаара далҵит иоуз ахәра изхымгакәа.
Асланӡиа лажәақәа рыла, ари авариаҿы уаҳа аӡәгьы ԥырхага имоуит.