АҞӘА, цәыббра 10 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа Аҟәа ашьаҟауаҩ дзықәшәаз амҩатә машәыр аилыргаразы агәаҭара мҩаԥнагоит, абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
ААР аперсс-маҵзура ишазгәанаҭо ала, амашәыр ҟалеит цәыббра 9 рзы Ақырҭаа амҩаду аҟны.
Амашьына AUDI А-4 арныҟәцаҩ, Тҟәарчал араион инхо 1999 шықәса рзы ииз "Ацҳа ҟаԥшь" аҟынтәи "Синопҟа" имҩахан ззин ыҟам адырга амҩа ахырхарҭала.
"Адәқьан "Оскар" ааигәара амҩа еихызҵәоз Гәылрыԥшь араион инхо 1980 шықәса рзы ииз ашьаҟауаҩ длысит", - азгәарҭеит аусбарҭаҿы.
Амашәыра иақәшәаз аԥҳәыс ахәшәтәырҭахь днаган, амедицинатә цхыраара анлырҭа ашьҭахь аҩныҟа доурышьҭит, лыԥсҭазаара ԥырхага амам.
Иазгәаҭоуп, амашьына аԥсҟы зкыз Аԥсны агәабзиарахьчара иатәу анаркологиатә диспансер аҟны амедицинатә гәаҭара дахысит ҳәа, аусдырыҩцәа иҟарҵаз алкаа инақәыршәаны иара арыжәтә ымжәкәа дыҟан.