Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Чхьынџьериеи Џьопуеи аҭоурыхтә хыбрақәа шеиқәырхатәу иазкны

Апроект "Аҟәа модерн" аиҿкааҩцәа ируаӡәку Лана Чхьынџьериаԥҳаи Аԥсны акультура аминистрра аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчаразы адепартамент аспециалист Инал Џьопуеи иалацәажәеит аҭоурыхтә хыбрақәа реиқәырхашьа шырбо атәы.
Sputnik
"Аҟәа модерн" захьӡу апроект мҩаԥысуеит аҳҭнықалақь аҟны Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла ахыбраҿы. Акультура-ҵарадырратә проект есҽны еиднакылоит хыԥхьаӡара рацәала аҿар реиԥш, уа еиҿыркаауа аусмҩаԥгатәқәа иазҿлымҳау аиҳабацәагьы. Уи идеиа хадас иамоуи, аиԥш зеиԥшу аҭоурых-культуратә ҭынха иаҵанакуа аобиектқәа рыхьчаразы иҟаҵатәуи ртәы дрылацәажәеит апроект аҳәаақәҵаҩ Лана Чхьынџьериаԥҳа. Убасгьы аҭоурыхтә ханқәа иахьатәи рҭагылазаашьеи, рԥеиԥши рзы игәаанагара иҳәеит Аԥсны акультура аминистрра аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчаразы адепартамент аспециалист Инал Џьопуа.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.