Арадио

Аџьԥҳа еиҭалҳәеит Калдахәаратәи ашкол-интернат иаԥсҭазаашьоу атәы

Гәдоуҭа араион Калдахәаратәи ашкол-интернат аҵараҟәша аиҳабы Инга Аџьԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит ахыбраҟны аҭагылазаашьа зеиԥшроу, шаҟаҩы ахәыҷқәа ыҟоу.
Sputnik
Калдахәаратәи ашкол-интернат аҿы аҭагылазаашьа цәгьаӡам ҳәа азгәалҭеит лцәажәараҟны Аџьԥҳа.
"Аҵаҩцәа 115-ҩык ҳамоуп, сынтәа ахԥатәи-аԥшьбатәи аклассқәа рахь ԥыҭҩык ҳзааит. Ашәҟәқәа рыла ҳаиқәшәоуп актәи акласс инаркны абыжьбатәи аҟынӡа. Ҳаԥшуп, 10-11 аклассқәа рзы ашәҟәқәа ҳзаарышьҭраны иҟоуп Аҵара аминистрра аҟынтәи амза нҵәаанӡа. Аҭаацәа, зхәыҷқәа араҟа ҵара иҭоу, ашәҟәқәа аархәаӡом. Аинтернат аҟны ахԥатәи акласс инаркны ахәыҷқәа уахынла иаангылоит, егьыс аҭыԥантәи ахәыҷқәа актәи акласс ахь ицаз фҩык ҳамоуп сынтәа", - лҳәеит Аџьԥҳа.
Лара иазгәалҭеит ашкол-интернат аҟны аинформатика амаҭәар рызҭо ида, егьыс арҵаҩцәа разымхара ыҟам ҳәа. Калдахәаратәи ашкол-интернат аҵараҟәша аиҳабы илҳәеит ахыбра аҩнуҵҟа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥгара аҭахны ишыҟоу.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.