Аԥсны

Аслан Бжьаниа Башар Асад иирамш идиныҳәалеит

Шьамтәыла 2000 шықәса раахыс иахагылоу Башар аль-Асад 57 шықәса ихыҵит.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 11 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа шьамтәылатәи иколлега Башар Асад иирамш идиныҳәалеит, абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
"Агәраганы сыҟоуп Аԥсны Аҳәынҭқарреи Шьамтәылатәи Арабтә Республикеи реиҩызареи русеицуреи ԥхьаҟагьы ишыҿиало аҩтәылак рыжәларқәа ирзеиӷьхо амҩақәа рыла", - ҳәа ануп адныҳәалараҿы.
Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит Асад имчи илшеи зегьы шеиҭо итәыла аҭахрақәа адунеижәларбжьара рыхьчараан, иара изеиӷьеишьеит агәабзиара, аизҳазыӷьара, дызхагылоу амаҵура ҭакԥхықә аҿы ақәҿиарақәа.
Аԥсны
Барцыц Аԥсни Шьамтәылеи русеицураҿ аԥыжәара змоу ахырхарҭақәа дрылацәажәеит