Аԥсны

Аԥсны иҟоу урыстәылатәи аррамаҵзурауаа аԥырҩы дызҭам "аӷа" иԥрыгақәа ҭадырхеит

Аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуан Ҵабал аполигон аҟны. Асценари ала, амотохысратә гәыԥ аԥырҩы дызҭам аибашьыгатә ԥрыгақәа рыла ирыжәлеит.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 10 - Sputnik. Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ азениттә ҟәша аррамаҵзурауаа аԥырҩы дызҭам аибашьыгатә ԥрыгақәеи "аӷа" иеибашыгатә техникеи ржәылара аԥдырҟәҟәааит. Абри атәы аанацҳауеит УАО апресс-маҵзура.
Аԥырҩы дызҭам аибашьыгатә ԥрыгақәа рҭархаразы атактикатә гәыԥ анапхгаҩы "аӷа" ишьаҟьаразы адҵа ҟаиҵеит. Азениттә шьақәгылақәа "Тунгуск" рхархәарала аруаа рхықәкы нарыгӡеит.
Азениттә ҟәша аррамаҵзурауаа, иара убас, еиҭарго азенит-ракетатә комплексқәа "Игла" рхархәарала иҭадырхеит "аӷа" ижәылараз имаз авиациеи, аҳаирпланқәеи, авертолиотқәеи. Еиуеиԥшым ацәҟьарақәа шьақәыргылан 3 км инахараны.