АҞӘА, цәыббра 12 - Sputnik. Урыстәылатәи аекономика аиҭакразы иаҭахуп зтехнологиа ҳараку ааглыхрақәа рыхәҭа азырҳара. Абри атәы аанацҳауеит аекономикатә информациа амаҵзура "Прайм" Астратегиатә уснагӡатәқәа рцентр "Амакроекономикатә анализи афинанстә џьармыкьақәеи" ахырхарҭа анапхгаҩы Наталиа Сафина лажәақәа шьаҭас иааганы.
"Аимпортԥсахра аполитика аҭагылазаашьаан иаҭахуп зтехнологиа ҳараку ааглыхрақәа рыхәҭа азырҳара. IT-сектор, амашьынаргылареи астанокқәа рыргылареи реиԥш иҟақәоу. Азиатәи атәылақәа рылахәаахәҭра азҳара инамаданы атранспорттә инфраструктура арҭбаара аҭаххоит", - лҳәеит лара.
Сафина лажәақәа рыла, урыстәылатәи аекономикатә сектор аҟны атенденциақәа ҵоуроуп. Сафина илҳәоит ари аҟазшьа шырныԥшуа аметаллургиа, ахимиатә ааглыхра, афымцамчаарыхра.
Убри аан аексперт илҳәоит асанкциақәа ирыхҟьаны автомашьынақәа рҭыжьра, амҿы аус адулара ауадаҩрақәа шрымоу.
Арратә операциа ҷыда ианалага ашьҭахь мраҭашәаратәи атәылақәа Урыстәыла хыԥхьаӡара рацәала асанкциақәа адҟарҵалеит аекономикеи абанктә системеи еиларыжьырц. Урыстәыла аиҳабыреи Абанк хадеи ауснагӡатәқәа ирыдыркылаз аекономикатә ҭагылазаашьа ҭышәындыртәалеит. Нанҳәамза анҵәамҭаз аԥыза-министр Михаил Мишустин аҳәамҭа ҟаиҵеит аекономика ҭышәынтәалоуп, ԥхьаҟа аҿиараз аҭагылазаашьақәа аԥҵоуп ҳәа.