Арадио

Гәыԥтәи анхаҩы Ԥлиа: иахьа ақыҭаҿы ҳшыҟоу аасҭа ҳаиӷьхап ҳәа сгәыӷуеит

Очамчыра араион Гәыԥ инхо Омар Ԥлиа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ақыҭаҿы иҭаацәараҟны ашәыр шырааӡо, ашьхагәара шрымоу, уадаҩраны иаликааит аӡы азымхара, аусурҭа ҭыԥқәа рыҟамзаара.
Sputnik
Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп. Ақыҭа иахьатәи аԥсҭазаашьеи уаҵәтәи аԥеиԥши, иацу адоуҳаи, иҟоу ауадаҩрақәеи ҳрылацәажәоит. Аԥсуа қыҭа азхьаԥшразы иҟаҵатәу азы ргәаанагара рҳәоит уи иадҳәалоу ауаа.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.