Аԥсны

Москва Амш азы Аҟәа имҩаԥысит аиқәԥараз раԥхьатәи ахәыҷтәы фестиваль

50-ҩык аспортсменцәа злахәу афестиваль мҩаԥысит Москва 875 шықәса ахыҵра аҳаҭыр азы.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 12 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Москва Амш азы Аҟәа, Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху аспорт Ахан аҿы имҩаԥысит аиқәԥараз раԥхьатәи ахәыҷтәы фестиваль ҳәа Sputnik иазааицҳаит Аԥсны карате Афедерациа ахада Сергеи Демианов.
Иара иажәақәа рыла, ауснагӡатә иалахәуп 50 спортсмен, сито-риу (ақыҭақәа Акәасқьеи Гали), фудокан (Аҟәа), таитәи абокси аикидои уҳәа карате ашколқәа рхаҭарнакцәа.
Афестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуан аикидо, карате, сито-риу, таитәи абокс, фудокан рзы аҟазаратә-классқәа. Демианов деигәыӷуеит афестиваль есышықәсатәхап, аспортсменцәагьы рацәаҩны иаднахалап ҳәа.
"Ҳара ҳҿы ахархәара рымоуп сумо, ушу, дзиудо, самбо уҳәа ақәԥара хкқәа. Аха иаҳҭахуп еиҳа инарҭбааны ақәԥарахкқәа аҭыԥ рымазарц, ахәыҷқәа урҭ рыхкырацәара рбарц, еиҳа ирҭаху алырхырц. Ирацәаҩын аҭаацәа иҳазҵаауаз аклубқәа рҵыхәала, ахәыҷқәа асекциақәа рахь рнагараз. Еиҵагыло аҿар рзы ари ус бзиоуп", - иҳәеит иара.
1 / 6

Москва Амш азы Аҟәа имҩаԥысит аиқәԥараз раԥхьатәи ахәыҷтәы фестиваль

2 / 6

Москва Амш азы Аҟәа имҩаԥысит аиқәԥараз раԥхьатәи ахәыҷтәы фестиваль

3 / 6

Москва Амш азы Аҟәа имҩаԥысит аиқәԥараз раԥхьатәи ахәыҷтәы фестиваль

4 / 6

Москва Амш азы Аҟәа имҩаԥысит аиқәԥараз раԥхьатәи ахәыҷтәы фестиваль

5 / 6

Москва Амш азы Аҟәа имҩаԥысит аиқәԥараз раԥхьатәи ахәыҷтәы фестиваль

6 / 6

Москва Амш азы Аҟәа имҩаԥысит аиқәԥараз раԥхьатәи ахәыҷтәы фестиваль

Афестиваль мҩаԥысит акультура-устә центр "Москва Аҩны", аџьынџьуаа Москватәи Рыҩны, Москва ақалақь адәныҟаекономикатәии жәларбжьаратәии аимадарақәа р-Департамент иҟарҵаз адгыларала, Москва аиҳабыра рфинанстә цхыраарала.
Аԥсны
Москва Амш азгәарҭеит Аԥсны аџьаз ахәылԥаз ала