Аԥсны

Нхыҵ-Кавказтәи ауниверситет аус ацура иалацәажәеит Аԥсны Аминистрцәа реилазаараҟны

Нхыҵ-Кавказтәи афедералтә университет (СКФУ) аделегациа Аԥсны иҟоуп Александр Анқәаб иҟаиҵаз аҳәара аҭакс Урыстәыла аиҳабыра рнапынҵа аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 12 - Sputnik. Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб Нхыҵ-Кавказтәи афедералтә университет (СКФУ) аректор Дмитри Беспалов зхадараҿы дыҟоу аделегациа дырԥылеит. Ирылацәажәан аусеицура ахырхарҭақәа. Абри атәы аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара апресс-маҵзура.
Александр Анқәаб уаанӡа Урыстәыла аиҳабыра рахь аҳәара ҟаиҵахьан аԥснытәи ашколқәа рырҵаҩцәа разыҟаҵарази рҟазара аизырҳарази аметодикатәии аҭҵаара-техникатәии цхыраара рырҭаразы.
Сынтәа иазԥхьагәаҭоуп ареспублика арҵаҩцәа, аҳәынҭмаҵзурауаа, атуризми асасааирҭатә бизнеси русхк аҟны аҟазауаа рзы Аресурстә ҭҵаарадырратә центр аиҿкаареи аусура аиқәыршәареи рзы ауснагӡатәқәа рымҩаԥгара, аҟазара-классқәа реиҿкаара.
Уи адагьы абҵарамзазы СКФУ иагәҭакуп Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиеи Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университети жәларбжьаратәи апрактикатә конференциа еицымҩаԥыргарц.