Арадио

Џьопуа аҩнатә ԥстәқәеи аԥсаатәқәеи алаҵа рзыҟаҵаразы: аус зынӡагьы игәыгәҭажьым

Аԥсны аветеринар хада Роман Џьопуа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит аҩнатә ԥстәқәеи аԥсаатәқәеи аҿкы чымазарақәа рацәыхьчаразы иаҭаху алаҵақәа ртәы, насгьы урҭ аныҟаҵатәу.
Sputnik
Аԥсны иҟоу ачымазарақәа рҟынтә алаҵақәа ҟаҳҵоит шықәсык ахь ҩынтә, ааԥыни ҭагалани иҳәеит Џьопуа арадиоефир аҿы.
"Ҭагалан азы алаҵақәа ҟаҵатәуп, уи аамҭа ааиуеит уажәы. Цәыббрамза анынҵәалак иалагоит алаҵақәа рыҟаҵара арахә рганахьала. Алақәеи ацыгәқәеи рзы алаҵақәа ҟаҵалатәуп есаамҭа. Аус зынӡагьы игәыгәҭажьны ҳәа ҟалашьа амаӡам", - иҳәеит Џьопуа.
Иара убас аԥсаатәқәагьы ирҭахуп алаҵақәа адырра ҟаиҵеит аветеринар хада.
"Акәытқәа рҿы ҩ-чымазарак лассы иуԥылоит. Ауаа рҿы аҿкы ҳәа изышьҭоу аан акәытқәа зегьы анумхуазар, уаҳа ԥсыхәа амаӡам. Уи ачымазара анцәырҵлак анклыра цәгьоуп. Ара Аԥсны иҟалалоит ркәытқәа зегьы шынеизабаку ианыԥсуа. Урҭ ачымазараҟынтә иҟоуп алаҵақәа, дара ҟаҵалазар бзиоуп", - иҳәеит Џьопуа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.