Аԥсны

Аҟәа ахатәыҩны амца акит

Ахҭыс ахь инеит амцарцәаратә гәыԥқәа хԥа.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 13 - Sputnik. Аԥсны АҶА аиқәырхаҩцәа Аҟәа ақалақь аҟны амцакра дырцәеит ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.

Ԥачлиа имҩаҿы ахатәыҩны амца акит. Амцакра ҟалеит ҳәа АҶА ахь адырра ҟаҵан аҩаша, асааҭ 11:19 рзы.

Ахҭыс ахь инеит амцарцәаратә гәыԥқәа хԥа. Амцакра иахҟьаны аҩны ахыби аҩбатәи аихагыла ахәҭаки блит. Аӡәгьы ԥырхага имоуит.