АҞӘА, цәыббра 13 - Sputnik. Аԥшаӷьы Аҟәа араион Гәымсҭа ақыҭан аҩнқәа хнашәеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит араион ахада Алхас Ҷыҭанаа.
"Иахьазы ԥшьҩык ауааԥсыра арзаҳалқәа ҳзааргахьеит. Дара рахь акомиссиа наҳашьҭит аԥхасҭа ахә ршьарц. Шьыжьаахыс ақәа леиуеит, ауаа рыҩнқәа ирыҩнанаҳәоит", - иҳәеит Ҷыҭанаа.
Аинформациа еиҳа ирҭбаан иҟаҵахоит аԥхасҭа ахәшьара ашьҭахь.