Аԥсны

Басла аӡыршьҭра арыцқьараан 50 тонна рҟынӡа аҳәынҵәеи алыкьи ықәыргараны иҟоуп

Аҟәа ақалақь ахадара 2022 шықәса иалагазар аӡиас Басла аӡыршьҭра арыцқьараз аусурақәа мҩаԥнагоит.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 13 - Sputnik. 50 тонна рҟынӡа аҳәынҵәеи алыкьи ықәыргараны иҟоуп Басла аӡыршьҭра арыцқьараан, иара убасгьы анаҩс аҵаргәақәа рыргыларазы аусурақәа разыҟаҵара мҩаԥгахоит ҳәа иҳәеит аилахәыра "Градстрой" адиректор Арнольд Аршба.
2021 шықәсазы Басла ааигәа-сигәа иҟаз анхарҭаҩнқәа акыр аԥхасҭа рнаҭеит амшцәгьақәа раан. Ашықәс алагамҭаз ақалақь ахадареи аилахәыра "Градстрой" аилаӡара рыбжьарҵеит. Ҭыԥқәак рҿы аҵаргәақәа шьақәыргылоуп.

"50 тонна рҟынӡа аҳәынҵәеи алыкьи ықәыргараны иҟоуп Басла аӡыршьҭра арыцқьараан, иара убасгьы анаҩс аҵаргәақәа рыргыларазы аусурақәа разыҟаҵара мҩаԥгахоит. Уажәазы аӡы амшын иахьалало арыцқьарақәа ҳрылгахьеит. Амш иаҳнаҭонаҵы аусурақәа ҳарҿуп, ҳаҿҳәарақәагьы ҳҽырҭаҳагӡоит ҳәа ҳгәыӷуеит", - иҳәеит "Градстрой" адиректор Арнольд Аршба.

Басла аӡыршьҭра арыцқьара напаркын Ацҳа ҟаԥшь аҟынтәи. Маҷ-маҷ ахыҵхырҭахь ихалоит.
"Иааидкыланы аусурақәа ҳарҿуп – аӡыршьҭра ҳрыцқьоит, адамбақәа ҳрыцқьоит, ашәаԥыџьаԥ иҭиааз хаҳҿоит аӡы анхыҵуа ԥырхага ҟанамҵаларц. Ақәоурақәа раан аӡиас ахымҩаԥгашьа ахылаԥшра аиурц адамбақәа реиқәыжьра еиҿаҳкаауеит", - ҳәа иҳәеит Аҟәа ақалақь ахадара АКН адепартамент аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Руслан Аҩӡба.
Аҩӡба иажәақәа рыла ақалақь абиуџьет амч ақәхом аҵаргәатә ҭыӡқәеи аиха-цементтә дамбақәеи рыҟаҵара. Апроекттә шәҟәқәа азырхиоуп, ареспубликатә мчрақәа рыцхыраара аҭаххоит.
Аԥсны
Баслаҭа аӡиас аӡыршьҭра ахатәыҩнқәа иреиҩыргеит