Лавров: Урыстәыла аганахь ала Мраҭашәара имҩаԥнаго анашԥа-еибашьра аиԥш ҟамлацт

Урыстәыла адәныҟаполитикатә усҳәарҭа аԥыжәара анаҭоит аицыфеидаратә еимадарақәа рышьақәыргылара.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 13 - Sputnik. Урыстәыла аганахь ала Мраҭашәара имҩаԥнаго анашԥа-еибашьра зеиԥш ҟамлац аҟазшьа шьҭнахит ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла адәныҟаполитикатә усҳәарҭа ахада Сергеи Лавров.
"Акырҵуеит Мраҭашәара Урыстәыла иаҿагылан аԥаршеи-еибашьра ззырҳәо мҩаԥнагоижьҭеи. Арратә операциа ҳаналага ашьҭахь уи зынӡа зеиԥш ҟамлац аҟазшьа шьҭнахит", - иҳәеит иара.
Лавров иажәақәа рыла, Мраҭашәара Урыстәыла аекономика аҵшәаара, адунеитә политика аҿаԥарахь агәҭасра ауп хықәкыс иамоу. Иара убас асанкциақәа рыцхыраарала атәыла зынӡа ашьақәырҟьара.
Урыстәыла адәныҟаполитикатә усҳәарҭа аԥыжәара анаҭоит аицыфеидаратә еимадарақәа рышьақәыргылара, аҳаҭыреиқәҵара ашьаҭала аусеицура ҳәа иҳәеит Лавров.
Лавров: Мраҭашәара атәылақәа ахҭысқәа цәгьахарц ауп рхы шымҩаԥырго
Иара убасгьы иазгәеиҭеит Мраҭашәара имҩаԥнаго аполитика адунеи аҿы аекономикатә кооперациа ахырхарҭа ҿыцқәа шаланагало.
"Амшхәаԥштә азҵаараҿы аԥыжәаратә ҟазшьа аҭаны иарбоуп уаанӡа традициала ахархәара змаз амеханизмқәа рцынхәрас аҿыц процессқәа ралагалара", - иҳәеит Лавров Урыстәыла адәныҟаполитикатә усҳәарҭаҿ иҟоу Аусутә хеилак аилатәараҿы.
Иара иажәақәа рыла гәҭакыс ирымоуп амилаҭтә валиутақәеи асуверентә ԥарашәаратә системақәеи рхархәара аизырҳареи, адоллари аеврои жәларбжьаратәи ахәҳаахәҭраҿ аҵакы аларҟәра, Мраҭашәара анапы иҵгоу аинфраструктура аԥҵара.