Урыстәыла ААР Ермантәылеи Азербаиџьани рахь ааԥхьара ҟанаҵеит аимак ааныркыларц

Аҩаша ауха Ермантәылеи Азербаиџьани рҳәааҿы аимак аҽеибанарххеит , аганқәа дара дара ахара рыдибаҵоит.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 13 – Sputnik. Урыстәыла ААР Ермантәылеи Азербаиџьани рахь ааԥхьара ҟанаҵеит иамак ааныркыларц 2020 шықәса абҵарамзазы Урыстәыла, Ермантәыла, Азербаиџьан рхадацәа реицҳәамҭа инақәыршәаны. Абри атәы кьыԥхьуп аусбарҭа асаит аҿы.
Ереван аҳәамҭа ҟарҵеит азербаиџьантәи аруаа Ермантәыла аҵакыра иалахысит аԥырҩы дызҭам ахархәагақәеи артиллериеи рхархәарала. Ахысрақәа аҭыԥ рыман Гегаркун, Ваиоцдзор, Сиуникск аобластқәа рҿы (Ермантәыла Иран иадызҳәало). Ҟарабах ахь арҭ аҭыԥқәа аҵанакӡом.
Бақәа акәзар аҳәамҭа ҟанаҵеит ермантәылатәи аруаа азербаиџьантәи апозициақәа ирылахысуан ҳәа.
Азербаиџьан адәныҟатәи аусқәа рминистрра Ермантәыла ахара аднаҵоит аҭынчра еиԥырҟьеит ҳәа.

"Аганқәа ааԥхьара раҳҭоит аҭагылазаашьа ԥхьаҟа идмырцыхцыхларц, аҽынкылара аадырԥшырц, ахымца аанкылара аусура иқәныҟәаларц 2020 шықәса абҵарамза 9, 2021 шықәса ажьырныҳәа 11; абҵара 26 рзы Урыстәыла, Ермантәыла, Азербаиџьан рхадацәа реицҳәамҭа инақәыршәаны", - аҳәоит аҳәамҭаҿы.

Уи адагьы аусбарҭаҿы иазгәарҭеит агәҭынчымра шаадырԥшуа аерман-азербаиџьан ҳәааҿы иҟоу аҭагылазаашьазы.
"Бақәеи Еревани ҳареи ҳаиныруеит. Ермантәыла анапхгара аҳәара ҟарҵеит ҩ-ганктәи аиқәшаҳаҭрақәа инарықәыршәаны аҭагылазаашьа аҭышәныртәалара иацхраарц. Ҳақәгәыӷуеит Урыстәыла абжьаҟазарала цәыббра 13 асааҭ 9:00 инаркны амч ахамырхәараз аусура шьақәгылап ҳәа", - аҳәоит Урыстәыла ААР аҿы.