Арадио

Ҳагба Ермантәылеи Азербаиџьани реибырххаразы: Урыстәыла аибашьра аԥшьгара иаҿагылоит

Ермантәылеи Азербаиџьани ҿыц реиҿагылара ҿиашьас иаиурц алшо азы арадио Sputnik аефир аҟны игәаанагара иҳәеит аполитолог Беслан Ҳагба.
Sputnik
Ермантәылеи Азербаиџьани рыбжьара ҩаԥхьа еибарххароуп. Аҩ-ҳәынҭқаррак ахы раԥхьа иҭзырҟьаз ҳәа наҟ-ааҟ ахара еиқәырҵоит, рдыррақәа рыла аҩ-ганкгьы ацәыӡқәа рымоуп. Ермантәылеи Азербаиџьани рҳәааҟны аиҿахысрақәа цоит.
"Аҩбатәи афронт аатуеит ҳәа аҳәара уадаҩуп иахьа, абасҟак аибырххара аҭыԥ амазаргьы. Аерманцәеи азербаиџьанцәеи реибарххара цоижьҭеи 30 шықәса инацны иҵуеит… Ас еиԥш аизыҟазаашьа аныҟоу аамҭа-аамҭала ихәыҵҟьоит иахьа ҳазлаԥшуа ахҭысқәа, аха аҩбатәи афронт аатуеит ҳәа узҳәаӡом, избанзар уи иаҿагылоит Урыстәылатәи Афедерациа еиԥш иҟоу аҳәынҭқарра ду. Иахьа уа даҽа еибашьрак аԥшьгара ринтересқәа зынӡак иақәшәаӡом. Иаҳҳәап, Мраҭашәаратәи аҳәынҭқаррақәеи Еиду Америкатәи аштатқәеи ирҭаххозаргьы, сара агәра згоит, Урыстәылатәи Афедерациа уи иаҿагыланы мап шацәыркуа. Уа аҭынчхаразы раԥхьаӡа фактор ӷәӷәаны аус зуа Урыстәылатәи Афедерациа имҩаԥнаго аполитика ауп… Абра шәахәаԥшла, ҩымш-ԥшьымш рыла аицәажәарақәа ҟалоит Ермантәылеи, Урыстәылеи, Азербаиџьани инеицәажәа-ааицәажәаны хәыҷык аҭышәынтәаларахь ииаргоит, аха аибырххара жәашықәсала аҭыԥ амазаауеит ҳаԥхьаҟагьы", - иҳәеит аполитолог.