Арадио

Агрԥҳа "Аԥшаҳәаҿы аныҟәарақәа" азы: иалнаршоит абиблиотека иаҭаауа рхыԥхьаӡара аизырҳара

Ареспубликатә библиотека аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Амза Агрԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит Жәларбжьаратәи Арт-фестиваль "Аԥшаҳәаҿы аныҟәарақәа" сынтәа ишеиҿкаахо атәы.
Sputnik
Афестиваль раԥхьатәи аԥсуа роман аԥҵаҩы Иван Папасқьыр диижьҭеи 120 шықәса анҵуа иақәыршәоуп ҳәа азгәалҭеит Агрԥҳа арадиоефир аҿы. Афестиваль мышкы ауп ианымҩаԥысуа, иаартхоит аҿар рхы аадырԥшыр ахьрылшо еиуеиԥшым аҭыԥқәа рыҟны.
"Аусмҩаԥгатә хықәкыс иамоу аҿар рыбжьара ашәҟәы аларҵәароуп, ашәҟәыԥхьара аизырҳара, агәыбылра дыркра. Аҿар идеилҳаркаар ҳҭахуп абиблиотека аинтеллектуалтә ҿиараҿы аҭыԥ хада шаанакыло. Еиҿкаахоит еиуеиԥшым аҭыԥқәа - алитература, аҟазара, акультура уҳәа ахырхарҭақәа рыла аҿар рхы аладырхәыр ахьрылшо. Аҿари ҳашәҟәыҩҩцәеи реиҿцәажәара азгәаҭоуп", - лҳәеит Агрԥҳа.
Афестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны иалыршоуп доусы иара ииҭаху ашәҟәы алхны иганы, даԥхьаны иааганы иқәиргылартә еиԥш. Ҳамҭас иаҳшоит ажурналқәа, ҿыц иҭыҵуа ашәҟәқәа, ахәыҷқәа ирызку алитература, уи иалнаршоит абиблиотека иаҭаауа рхыԥхьаӡара аизырҳара лҳәеит Агрԥҳа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.