Аԥсны

Аԥсны ААР агәҭынчымра аанарԥшуеит Қырҭтәыла аҩбатәи афронт аартра алшарақәа иахьрылацәажәо

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы цәыббра 14 рзы имҩаԥысит Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа рԥылара.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 14 - Sputnik. Аԥсны агәҭынчымра ду аадырԥшуеит Қырҭтәыла аҩбатәи афронт аартразы ареферендум амҩаԥгара алшоит ҳәа иҟоу ацәажәарақәа рҵыхәала, абри азы аҳәамҭа ҟаиҵеит Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа рԥылараан Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иркали Ҭыжәба.
Иазгәаҭоуп ааигәа ақырҭуа Партиа "Ақырҭуа гәыхәтәы" анапхгаҩы Иракли Кобахьиӡе аҳәамҭа шыҟаиҵаз Қырҭтәыла аҩбатәи афронт аартразы ареферендум амҩаԥгара шалшо атәы.
"Аҩбатәи афронт ҳәа дара зышьҭоу ҳара ибзиаӡаны еилаҳкаауеит, агәҭынчымра дугьы ҳазцәырнагоит. Агәыӷра ҳамоуп шәара, ацхантәаҩцәа раҳасабала, ас еиԥш иҟоу амақаррақәа рҭак ҟашәҵап ҳәа, наҟ-наҟ ҳрегион аҿы аимак арцыхцыхра алымшарц азы", - ҳәа азгәеиҭеит Ҭыжәба.
Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсны ҷыдала ишацклаԥшуа Қырҭтәыла имҩаԥысуа аҩнуҵҟаполитикатә хҭысқәа, Аԥсны аӡбахә, ашәарҭадареи аимак ҩаԥхьа аламыргареи рызҵаарақәа шьҭызхуа ақырҭуа политикцәа рҳәамҭақәа.