Аԥсны

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы Женеватәи аиҿцәажәарақәа рхықәкы хада арбану рҳәеит

Женеватәи аиҿцәажәарақәа изаамҭанытәиу рраунд мҩаԥысраны иҟоуп жьҭаара 5 рзы.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 14 - Sputnik. Женеватәи аиҿцәажәарақәа рхықәкы хада - Қырҭтәылеи Аԥсни рыбжьара амч ахамырхәаразы аиқәшаҳаҭра аиқәыршәареи анапаҵаҩреи роуп. Абри аҩыза аҳәамҭа ҟаиҵеит Аԥсны ААР аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәба Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа рԥылараан.
"Абри ауп Женеватәи аиҿцәажәарақәа рҿаԥхьа хықәкы хадас, дҵа хадас иқәгылоу", - ҳәа азгәеиҭеит Ҭыжәба.
Аминистр ихаҭыԥуаҩ иара убас агәҭынчымра ааирԥшит Қырҭтәыла арратә мчы аизырҳара иааҟәымҵзакәа иахьаҿу.
Женеватәи аиҿцәажәарақәа раан ЕАР ахаҭарнакс иҟоу Џьиҳан Сулҭаноӷлу лакәзар иазгәалҭеит ари аиԥылара шымҩаԥысуа арегион аҿы аҭагылазаашьа аибарххарахь ианкылсыз, Амшынеиқәаҿтәи аԥшаҳәаҿы аҭагылазаашьа аныманшәалам аамҭазы.
"Ацхантәаҩцәа раҳасабала, ҳара изаамҭанытәиу араунд жьҭаара 5 рзы имҩаԥгазар ҳҭахуп, шәаргьы ишазгәашәҭаз еиԥш, амчыбжь иалагазар, аилацәажәарақәа ҳарҿуп", - лҳәеит Сулҭаноӷлу.
Аԥсны
Аԥсны ААР агәҭынчымра аанарԥшуеит Қырҭтәыла аҩбатәи афронт аартра алшарақәа иахьрылацәажәо
Лара адырра ҟалҵеит иааиуа амчыбжь азы ацхантәаҩцәа Москваҟа аилацәажәарақәа рзы ишцо.