Аԥсны

Аԥсны амилаҭтә ԥарашәаратә система ашықәсбжа аихшьалақәа ҟанаҵеит

2022 шықәса актәи азыбжазы амилаҭтә ԥарашәаратә хсаалагақәа рыла зыхә ршәаз атауарқәеи амаҵзурақәеи рыхә 3,3 млрд мааҭ ыҟоуп.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 14 - Sputnik. 2022 шықәса актәи азбжазы амилаҭтә ԥарашәаратә система атранзакциа 12,3 млрд мааҭ ыҟоуп. Ари 17,6% рыла 2021 шықәсатәи атранзакциақәа иреиҳауп ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Абанк асаит.
Аекваирингтә операциақәа рыструктура аамз рыла аоперациақәа:
47,9% - ахсаалагақәа АԤРА
32,5% - ахсаалагақәа МИР
19,6% - жәларбжьаратәи аԥарашәаратә система ахсаалагақәа.
Ахсаалагақәа МИР ала атранзакциақәа идыртәеит 2,09 млн мааҭ.
2022 шықәса актәи азбжазы амилаҭтә ԥарашәаратә хсаалагақәа рыла зыхә ршәаз атауарқәеи амаҵзурақәеи рыхә 3,3 млрд мааҭ ыҟоуп. Ари ҵыԥх аасҭа 31,1% рыла еиҳауп.
Ахәаахәҭра-маҵзуратә наплакқәа рҿы напынҵадатәи аԥарашәарақәа рыструктура:
91,9% - жәларбжьаратәи аԥарашәаратә система ахсаалагақәа.
29,1% - ахсаалагақәа МИР,
8,1% - ахсаалагақәа АԤРА.
АԤРА аинфраструктура иаҵанакуеит 3 606 терминал-шьақәгыла: