Аԥсны

Аԥсны Атранспорттә прокуратура агәаҭара мҩаԥнагоит аӡӷаб қәыԥш лҭахара аҵыхәала

Атранспорттә прокуратура агәаҭарақәа рышьҭахь инарҭбаау аинформациа рыларҳәоит.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 14 – Sputnik. Аԥсны Атранспорттә прокуратура агәаҭара мҩаԥнагоит жәеиза шықәса зхыҵуаз Сара Ахвледианы лҭахара инамаданы. Абри атәы аанацҳауеит Апрокуратура хада асаит.
Аӡӷаб ацара иаҿыз адәыӷба Аҟәа - Санкт-Петербург даҵахеит цәыббра 13 асааҭ 22:30 рзы. Уи ҟалеит Гагра-Бзыԥ ирыбжьанакыз амҩаҿы 27 акилометр апикет №5 аҿы.
Ахәыҷы аҭыԥ аҿы лыԥсҭазаара далҵит.
Агәаҭарақәа рышьҭахь Атранспорттә прокуратура инарҭбаау аинформациа рыларҳәоит.