Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Херсонтәи аобласт аҿы иҭархоуп адиверсантцәа зҭаз украинатәи авертолиот Ми-8

Иҷыдоу арратә операциа мҩаԥысуанаҵы урыстәылатәи аруаа иҭадырхахьеит 155 украинатәи авертолиотқәеи 1948 аԥырҩы дызҭам ахархәагақәеи.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 14 – Sputnik. Урыстәыла АКМ Херсонтәи аобласт аҿы иҭадырхеит адиверсантцәа зҭаз украинатәи авертолиот Ми-8 ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра.
"Урыстәыла АКМ Херсонтәи аобласт Кинбуртәи ацәаҳәаҿы иҭадырхеит аԥшыхәыҩ-диверсантцәа зҭаз украинатәи авертолиот Ми-8", - ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа адырраҭараҿы.
Иҷыдоу арратә операциа мҩаԥысуанаҵы урыстәылатәи аруаа иҭадырхахьеит 155 украинатәи авертолиотқәеи 1948 аԥырҩы дызҭам ахархәагақәеи.
Иара убасгьы иҟоу адырраҭарала ииасыз уахыки-ҽнаки рыла Урыстәыла ар Харьковтәи аобласт араионқәа Балаклеиа, Купианск, Двуречное рҟны амеханизациа зызуу 14-тәии 93-тәии абригадақәа ааха рнаҭеит. Иҭархоуп 150-ҩык рҟынӡа аруааи 10 ак аибашьыга техникеи.