АҞӘА, цәыббра 14 – Sputnik. Москвеи Аҟәеи агәыӷра аадырԥшуеит аидысларақәа разԥхьагәаҭареи раԥырҟәҟәаареи рзы ақырҭуа-аԥсуа механизм (МПРИ) Гал аилатәарақәа еиҭахацыркхап ҳәа. Абри атәы иҳәеит РИА Новости аинтервиу азҭаз Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ИАР атәылақәа аԥшьбатәи рдепартамент адиректор Денис Гончар.
"ЕАР аҟынтә ацхантәаҩы Аҟәантә ииасыз ашықәс анҵәамҭаз изынашьҭыз ажәалагалақәа рофициалтә ҭак ҳазыԥшуп", - иҳәеит Гончар.
Аидысларақәа разԥхьагәаҭареи раԥырҟәҟәаареи рзы ақырҭуа-аԥсуа механизм (МПРИ) аформат ала аиԥыларақәа ирылаган 2009 шықәсазы. Урҭ ирылахәын Аахыҵ Уаԥстәыла, Аԥсны, Урыстәыла, Қырҭтәыла, имҩаԥысуан ААЕА, Евроеидгыла рыбжьаҟазарала.