Урыстәылаа авизақәа рызымҭо атәылақәа рыӡбахә ҳәоуп

Цәыббра 12 инаркны ЕЕ Урыстәылеи иареи рыбжьара урыстәылаа рзы ирмариоу авизақәа рыҭараз аиқәшаҳаҭра аусура ааннакылеит.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 14 - Sputnik. Евроеидгыла жә-тәылак уажәшьҭарнахыс урыстәылатәи атуристцәа авизақәа рырҭом ҳәа аанацҳауеит АТОР.

"Латвиа, Литва, Естониа, Польша, Чехиа, Словакиа, Даниа, Бельгиа, Нидерландқәа урыстәылаа рышәҟәқәа рыдыркылом", - рҳәеит ассоциациаҿы.

Убри аан атуроператорцәа азыԥшым Евроеидгыла атәылақәа рконсулрақәа рыклиентцәа авиза рыҭара мап ацәыркып ҳәа.
"ЕЕ ариторика шарӷәӷәазгьы тәылақәак макьанагь урыстәылаа авизақәа рырҭоит. Арахь иаҵанакуеит: Италиа, Испаниа, Бырзентәыла, Франциа, Венгриа, Кипр (амилаҭтә виза, "шенген" акәымкәа)", - рҳәеит аиҿкаараҿы.
Цәыббра 12 инаркны ЕЕ Урыстәылеи иареи рыбжьара урыстәылаа рзы ирмариоу авизақәа рыҭараз аиқәшаҳаҭра аусура ааннакылеит.