Амлакра аҵкыс, ҳара гәаҟрыс иҳамаз аинформациа аҟамзаара акәын, ҳәа азгәалҭеит Чачхалиаԥҳа аиҿцәажәараҿы.
"Ҳгәы ԥжәаны ҳаԥсуан, аԥсуа телехәаԥшра ахьаҳамбоз. Убысҟан еиҿкааны иҟаз Тҟәарчалтәи ателехәаԥшра аусура иалагеит. Тҟәарчалаа рыдагьы акәша иҟаз ақыҭақәагьы ирбо иҟарҵеит. Ажәлар ргәы шьҭызхыша аинформациа ҳарҭон. Ари зызхымгоз ақырҭқәа ргәы иҭаркит еихсырц. Шьыжьын. Авертолиотқәа анхыла џьара агуманитартә цхыраа ааргаз џьаҳшьеит, аха ахысыбжьқәа анҳаҳа ҳахьцозгьы ҳамамызт. Абааш аусура еиԥҟьартә еиԥш ирзыҟамҵеит, иаарласны анаҩс дырҩегьыхь иҭыҵит. Исгәалашәоит, Виктор Кәакәасқьыр "Шеварднаӡе дгәааит!" ҳәа аефир даналагоз", - ҳәа еиҭалҳәеит Чачхалиаԥҳа.
Чачхалиаԥҳа илгәалалыршәеит аԥсуа телехәаԥшра ажурналистцәа иҭҟәаны ианыргаз Тҟәарчал араион иахьа ахадара ахьыҟоу ахыбраҿы ауааԥсыра шеизаз. Усҟан иаҳҳәеит, агуманитартә цхыраара мап шацәаҳкуа ажурналистцәа рхы иақәиҭхаанӡа ҳәа, лгәалалыршәоит Чачхалиаԥҳа. Алашара аныҟамыз тҟәарчалтәи ателхәаԥшра аус ауӡомызт, усҟан аинфорамциа ҳамамзаара злаҳархарҭәаауаз амашьына аккумулиаторқәа рҟынтә арадио аус аруны акәын, ҳәа лҳәеит Аида Чачхалиаԥҳа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.