Аԥсны

Донбасс иҟоу аԥснытәи ахатәгәаԥхаҩцәа 17 тонна агуманитартә цхыраара рзынашьҭуп

Агуманитартә еидара аиҳарак шьақәгылоуп афатә, аӡыржәтә рыла.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 15 – Sputnik. Аԥсны АҶА аусзуҩцәа Донецкынтә ихынҳәит, дара 17 тонна Донбасс иҟоу аԥснытәи ахатәгәаԥхаҩцәа 17 тонна агуманитартә цхыраара рызнаргеит, абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.

17 тонна рҟынтәи 7 тоннак еизыргеит Очамчыра араион ахадареи ауааԥсыреи. Донбасс еибашьуа аԥснытәи ахатәгәаԥхаҩцәа афатәажәтә, ахаа-мыхаақәа, аԥаҭлыкақәа ирҭоу аӡыржәтә еидыркылеит.

Уи адагьы атәыла анапхгара рнапынҵала ахәра зауз аибашьцәа ирзынашьҭын ахада ифонд аҟынтә 100-100 нызқь мааҭ.
Аԥсны АҶА Донецк Жәлар ареспубликаз агуманитартә цхыраара аиҿкаара иалагеит цәыббра 2 азы. Ацхыраара аизгара иалахәын изҭахыз зегьы. Аԥснытәи аиқәырхаҩцәа уахь амҩа иқәлеит цәыббра 12 азы.
Аԥсны
Аԥснынтәи агуманитартә еидара Донбассҟа идәықәҵоуп