ЕАР Ермантәылеи Азербаиџьани рахь ааԥхьара ҟанаҵеит аиҿцәажәарақәа ирыцырҵарц

Цәыббра -12-13 ауха рзы Ермантәылеи Азербаиџьани рҳәааҿы аимак аҽеибанарххеит, аганқәа дара дара ахара рыдибаҵоит, ацәыӡқәа шыҟоу азы адырра ҟарҵоит.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 15 – Sputnik. Еиду амилаҭқәа реиҿкаара Ермантәылеи Азербаиџьани рахь ааԥхьара ҟанаҵеит аиҿцәажәарақәа ирыцырҵарц, аинышәаразы иҟоу аиқәшаҳаҭра иақәныҟәаларц азы, абри атәы аҩуеит РИА Новости ЕАР ацхантәаҩы ицхырааҩ Мирослав Ианча иҟаиҵаз аҳәамҭа ҵаҵӷәыс иганы.
"Хара имгакәа аганқәа аинышәаразы аиқәшаҳаҭра иарбоу рнапынҵақәа нарыгӡароуп. Аиҿцәажәара иазыхынҳәырц ааԥхьара ҟаҳҵоит, аҭынчра еилазымго аиқәшаҳаҭра ӷәӷәа анапаҵаҩразы ашьаҿақәа ҟаҵатәуп", - иҳәеит Ианча.
Аҩаша ауха Ермантәылеи Азербаиџьани рҳәааҿы аимак аҽеибанарххеит, аганқәа дара дара ахара рыдибаҵоит. Ереван Урыстәылеи, ОДКБ-еи, АЕР АШәМ рахь ааԥхьара ҟанаҵеит шьыжьнаҵы.
Урыстәыла ААР Ермантәылеи Азербаиџьани рахь ааԥхьара ҟанаҵеит аимак ааныркыларц
Ереван аҳәамҭа ҟарҵеит азербаиџьантәи аруаа Ермантәыла аҵакыра иалахысит аԥырҩы дызҭам ахархәагақәеи артиллериеи рхархәарала. Ахысрақәа аҭыԥ рыман Гегаркун, Ваиоцдзор, Сиуникск аобластқәа рҿы (Ермантәыла Иран иадызҳәало). Ҟарабах ахь арҭ аҭыԥқәа аҵанакӡом.