Аԥсны

Гәдоуҭа аиҳабыра анхацәа рырахә алаҵа рзыҟарҵаларц рабжьыргеит

Гәдоуҭа араион ақыҭақәак рҿы арахә ишәарҭоу аҿкчымазарақәа рыдбалоуп.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 15– Sputnik, Бадри Есиава. Гәдоуҭа аиҳабыра анхацәа рырахә аҿкчымазарақәа емкар (аемфизематозтә карбункул), гемо (агемофилиатә ҿкра) рҟынтә алаҵа рзыҟарҵаларц рабжьыргеит. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит араион ахадара ақыҭанхамҩа аҟәша аиҳабы Иури Кәарцхьиа.
Гәдоуҭа араион ақыҭақәак рҿы арахә ишәарҭоу аҿкчымазарақәа рыдбалоуп иҳәеит иара.

"Арҭ ачымазарақәа аиҳарак арахә ҿа роуп ааха зырҭо. Ҵыԥх шьхацан аамҭазы арахә рзы ихәыҵҟьаз ачымазарақәа ирхырҟьаны жәабала арахә каҳаит. Убри азы анхацәа рырахә алаҵа рзыҟарҵаларц рабжьаагоит. Алаҵа аветклиникақәа рҿы иуоуеит. 500 мааҭ иаԥсоу шьушьак 30-хы арахә ирызхоит", - иҳәеит Кәарцхьиа.

Иара иажәақәа рыла емкари гемои рҟазшьақәа рыла иудыруеит– арахә рыкрыфара лаҟәуеит, ршоура халоит, аныҟәара рылымшо иҟалоит, ржьы акәзаргьы аӡы алыжжуа афатә азы ихәарҭамкәа иҟалоит.
Арҭ аҟазшьақәа рцәырҵра ашьҭахь хымш-ԥшьымш рыла иԥсуеит. Акәац афара ҟалом, аԥсыбаҩ акәзаргьы иблызар ахәҭоуп.