Аухаҵәҟьоуп Аҟәа агаразы ажәылара иалагоит ҳәа адырра анҳау иҳәеит Даур Хәаҭланӡиа ахҭысқәа шыҟалоз игәаларшәауа.
"Кындыӷ абаталион адҵа ҳауит амҩадуқәа еимаздо ацҳа аԥжәаразы. Асааҭ 5 рзы ашамҭаз аихамҩа ацҳа ԥаҳжәоит, даҽа гәыԥк афымцатә шьаҟа ду, егьырҭ амҩаду. Абасала агәыԥқәа хазы-хазы дара рыдҵа рыман, астратегиатә ҵакы змаз аобиектқәа ԥыржәар акәын. Ақырҭуа итехника зымцо", - ҳәа еиҭеиҳәеит аибашьҩы.
Аиҿахысрақәа ӷәӷәаны ицон, аха аӡәгьы дхьамҵӡакәа, иахьынӡазалшоз ахырӷәӷәарҭақәа ркын, рыдҵа нарыгӡон, ахәцәагьы алырхуан ҳәа иазгәеиҭеит Даур Хәаҭланӡиа аиҿцәажәараҿы.
Аветеран игәалаиршәеит Кәыдры ацҳаҿы афронтқәа еиԥылеит ҳәа шиаҳаз.
"Аҷкәынцәа аӡәи-аӡәи игәыдеибакыло, еиқәҿыҭуа, аԥсшәа еибырҳәон. Аиааира шьҭа ишааигәахоз убон, даҽакала ҳгәы шьҭнахит ари ахҭыс, иҳалымшозгьы ҳалнаршо убас ԥхьаҟа ҳдәықәлеит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Даур Хәаҭланӡиа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.