АҞӘА, цәыббра 16 - Sputnik. Цәыббра 16 рзы 90 шықәса ихыҵит Аԥсны агәабзиарахьчара зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, амҵәышәымпыл азы ҳаҭыр зқәу аспорт азҟаза, аорден "Ахьӡ-Аԥша" III аҩаӡара занашьоу Гарри Сегалевич. Абри атәы аанацҳауеит аспорт азы Аҳәынҭеилакы.
"Гарри Владимир-иԥа, Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә еилакы ишәыдырныҳәалоит акрызҵазкуа арыцхә, ҭабуп ҳәа ахаҳҳәаауеит акыршықәсатәи шәусура, Аԥсны амҵәышәымпыл ашьақәгылареи аҿиареи рҿы шәылшамҭақәа. Ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, агәамч, шәнапы злаку аус шәшазааԥсац шәазааԥсалааит акыршықәса", - ҳәа аҳәоит адныҳәалараҟны.
Гарри Сегалевич – даҟәатәуп, иԥсҭазаара аӷьырак аспорт иадҳәалоуп. Ашкол аҟны аҵара аниҵоз амҵәышәымпыл азы ареспублика ашколхәыҷқәа еизгоу ркоманда далахәны Аԥсни Қырҭтәылеи рыспартакиадақәа рҟны дықәгылон. Анаҩс, Аԥсны еизгоу ахацәа ркоманда далахәны ҚССР ачемпионатқәеи ахраҿақәеи ргара дазықәԥон, жәларбжьаратәи аиҩызаратә турнирқәа дрылахәын.
Активла еиҿикаауан иагьымҩаԥигон амҵәышәымпыли анапылампыли рзы аицлабрақәа.
Гарри Сегалевич Ареспубликатә реабилитациа–баҩрҵәыратә диспансер аҿы жәаҩыла апациентцәа ршьапы иқәиргылеит ахәшәтәратә баҩрҵәыра амҩаԥгарала.