Аԥсны

Бжьаниеи Чернышенкои Аԥсны атуристтә усхк иалацәажәеит

Аиԥылараан ирзааҭгылан Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аизыҟазаашьақәа, аҵыхәтәантәи аамҭазы Аԥсны адинамикатә ҿиара.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 16 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи ацифратә економикеи аинновациақәеи, аимадарақәеи, АИХқәеи, акультуреи, атуризми, аспорти рзы Урыстәыла аиҳабыра рхантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Чернышенкои реиԥылараан иалацәажәеит Аԥсны атуристтә усхк азҵаарақәа, абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
"Аҵакы змоу аинвестициатә проектқәа мҩаԥысуеит, еизҳауеит Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара атауареикәыршара, ари акраҵанакуеит. Сара арахь саара хықәкыс иамоуп Аԥсны атуристтә усхк азҵаарақәа рылацәажәара. Аԥсны Асовет Еидгыла абырлашқәа иреиуоуп. Хыԥхьаӡара рацәала арахь иаауеит урыстәылатәи атуристцәа", - иҳәеит Дмитри Чернышенко.
Ацифратә економикеи аинновациақәеи, аимадарақәеи, АИХқәеи, акультуреи, атуризми, аспорти рзы Урыстәыла аиҳабыра рхантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Чернышенко иҳәеит урыстәылаа иахьа имшәакәа аԥсшьара ахьрылшо аҩыза-тәылақәа рҿоуп ҳәа. Урыстәыла ҩызас изхәаԥшуа Аԥсны урыстәылаа рныҟәарақәа рзы иҭыԥ шьахәуп.
Бжьаниеи Чернышенкои ареспублика аинфраструктура, Аҟәатәи аҳаиртә баӷәаза ирылацәажәеит, Аԥсны аекономикатә ҿиареи аизҳазыӷьареи ирышьаҭаны иазыԥхьаӡо.