Киргизиа Таџьикисҭан ахара аднаҵоит аҳәааҿы апровокациақәа мҩаԥнагоит ҳәа

Ахәаша ашьыжь атәылақәа рыҩбагьы рҳәааҿы аидысларақәа аҭыԥ рыман. Киргизиатәи аган адыррала, аҳәаа иаԥну аҭыԥқәа зегьы рҿы ажәылара мҩаԥнагон таџьикисҭантәи аган.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 16 - Sputnik. Киргизиа Таџьикисҭан ахара аднаҵоит аҳәааҿы апровокациақәа мҩаԥнагон, аҳәаа иаԥну ауаажәларратә обиектқәа иреихсуан ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, ареспублика Амилаҭтә шәарҭадара аҳәынҭеилакы (ПС ГКНБ) апресс-маҵзура адыррала.
"Киргизиатәи ареспублика Амилаҭтә шәарҭадара аҳәынҭеилакы аҳәаахьчаратә ҟәша аҳәамҭа ҟанаҵоит уаанӡатәи аиқәшаҳаҭрақәа зегьы еилаганы таџьиктәи аган Баткентәи аобласт Баткентәи араион аҿы аҳәаа иаԥну аҭыԥқәа зегьы рҿы ажәылара мҩаԥнагон ҳәа", - аҳәоит адырраҭараҿы.
Аҳәамҭаҿ иазгәаҭоуп Таџьикисҭан амчрақәа аҳәааҿ аҭагылазаашьа хылаԥшра рзаҭом, амчрақәа аҭагылазаашьа арӷыӷкра иацхраауеит ҳәа.
Иҟоу аҭагылазаашьа инадҳәаланы ОДКБ аҳәынҭмаӡаныҟәгаҩ Станислав Зась Киргизиеи Таџьикисҭани ршәарҭадаратә хеилакқәа рмаӡаныҟәгаҩцәа алархәны аицәажәара мҩаԥигеит. Аганқәа ақәшаҳаҭхеит ахымца аанкылара.
Цәыббра 16, ашьыжь еиҭахгьы акиргиз-таџьиктә ҳәааҿы аиҿагыларақәа хацыркхеит. Киргизиа арҭ аҭыԥқәа рҟынтә ауааԥсыра рахыгара иалагеит. Иазгәаҭоуп 18-ҩык ахәрақәа роуит ҳәа. Таџьикистан Амилаҭтә шәарҭадара аҳәынҭеилакы аҳәамҭа ҟанаҵеит киргизиатәи аруаа аиқәшаҳаҭра еилаганы аҳәаахьчаратә ҭыԥ "Душанбе" абџьар хьанҭақәа рыла иеихсит ҳәа.