Арадио

Кәыҵниа Донбасс еибашьуа аԥсуа ҷкәынцәа рзы: ҳнеира ргәы шьҭнахуеит

Аԥсны АҶА аусзуҩцәа Донецкынтә ихынҳәит хатәгәаԥхарала уа еибашьуа аԥсуаа ацхыраара рзааныжьны. АҶ рзы аминистр Лев Кәыҵниа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит уаҟа аҭагылазаашьа зеиԥшроу, насгьы аԥсуа еибашьцәа ацхыраара шрыдыркылаз атәы.
Sputnik
17 тонна рҟынтәи 7 тоннак еизыргеит Очамчыра араион ахадареи ауааԥсыреи. Донбасс еибашьуа аԥснытәи ахатәгәаԥхаҩцәа рзы ишьҭын афатә-ажәтә, ахаа-мыхаақәа, аӡыржәтә. Иара уи адагьы атәыла анапхгара рнапынҵала ахәра зауз аибашьцәа ирзынашьҭын ахада ифонд аҟынтә 100-100 нызқь мааҭ.
Ҳаҷкәынцәа Донбасс аибашьра иахьалахәу ҳара ҳзы игәадуроуп, еснагь даргьы ҳаргьы аимадара ҳабжьоуп ҳәа азгәеиҭеит Кәыҵниа аиҿцәажәараҿы.
"Иҳалшо ала ацхыраара аҟаҵара ҳаҿуп. Аидара ҳаҷқәынцәа гәахәарыла ирыдыркылеит. Иаҳзыԥшын. Инаҳго иаҭаху усуп, аха ҳнеира иаҳагьы ргәы шьҭнахуеит. Хылаԥшрада ишаанҳмыжьуа рбоит", - иҳәеит Кәыҵниа.
АҶ рзы аминистр иазгәеиҭеит аӡазы аҭагылазаашьа атәылаҿы ишыуадаҩу, машьынак аӡы мацара акәын иақәыз иҳәеит иара.
Лев Кәыҵниа еиҭеиҳәеит аидара амҩангараҿы иарбан гәаҭарақәоу изхысуа, насгьы Урыстәыла рколлегацәеи дареи ацхыраара азҵаараҿы еснагь ишеимадоу.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.