Аԥсны

Жәларбжьаратәи ашьҭазаара змаз Таџьикисҭан атәылауаҩ Аԥсны дааныркылеит

Иаанкылоу атәылауаҩ Урыстәыла азинхьчаратә усбарҭақәа дрыҭоуп азакәан ишьақәнаргылаз аԥҟарала.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 16 - Sputnik. Жәларбжьаратәи ашьҭазаара змаз Таџьикисҭан атәылауаҩ Махамадиусуф Касиров Аԥсны, Афон ҿыц ақалақь аҿы дааныркылеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны ААР.
20 шықәса зхыҵуа ахаҵа Таџьикисҭан Ашьаустә закәанеидкыла ахәҭаҷ 307.3 ахәҭа 2 иаҵанакуа ацәгьоурақәа (аекстремисттә усура аиҿкаара) дрылахәуп ҳәа агәызҩара ыҟоуп.
Касиров иԥшааразы Урыстәыла ААР жәларбжьаратәи аусеицура Аусбарҭаҟынтәи аинформациа аашьҭын цәыббра 8 рзы. Цәыббра 13 рзы изышьҭаз ахаҿы азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа дааныркылеит.