Аԥсны

Аҟәатәи авокзал аҟны акаҭран ықәҵахоит

Акыр шықәса раахыс авокзал ахь уназго амҩа иахьабалак иҭыжааны иҟоу акырантә аамҭалатәи арҽеирақәа шазырухьазгьы аҭагылазаашьа аҽзамԥсахит.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 17 - Sputnik. Аҟәатәи авокзал аҟны акаҭран акәҵаразын аусурақәа ирылагеит, абри атәы аанацҳауеит "Аԥсны аихамҩа" апресс-маҵзура.
Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥыргоит "Аԥсны аихамҩа" абиуџьет ԥарала. Иазгәаҭоуп ԥшьнызқь метра ԥшьаркца рҟынӡа ақаҭран ашьҭаҵара.
Макьана авокзал акәша-мыкәша ажәытә акаҭран ықәганы арыцқьарақәа ирҿуп.