Аԥсны

Аԥсны АҶА Аибгантәи иаарласны гагратәи ахәшәтәырҭахь дааргеит Луганск инхо аԥҳәыс

Аибгантәи иаарласны ааԥхьара ҟалеит цәыббра 16 ашьыбжьон.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 17 - Sputnik. АҶА аиқәырхаҩцәа Гагра араион Аибга ақыҭантәи иаарласны ахәшәтәырҭахь дааргеит 1978 шықәсазы ииз Луганск инхо Татиана Вухрева. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны АҶА апресс-маҵзура.
Аԥҳәыс иаарласны ахәшәтәырҭахь лгара аҭаххеит лҷаҷа чымазара иахҟьаны.
АҶА аиқәырхаҩцәа раԥхьатәи амедицинатә цхыраара лырҭеит, анаҩс Гагратәи араионтә хәшәтәырҭахь дааргеит.