Женеватәи аиҿцәажәарақәа изаамҭанытәиу рраунд мҩаԥысраны иҟоуп жьҭаара 5 рзы. Убри аан Аԥсны агәҭынчымра ду аанырԥшуеит Қырҭтәыла аҩбатәи афронт аартразы ареферендум амҩаԥгара алшоит ҳәа иҟоу ацәажәарақәа рҵыхәала, абри азы аҳәамҭа ҟаиҵеит Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа рԥылараан Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иркали Ҭыжәба.
Ауаажәларратә усзуҩы Ҭемыр Надараиа игәаанагарала, ашәарҭара аҭышәныртәаларазы Женеватәи аформат иаӡбо маҷуп , аха ҳара ҳзы ихәарҭоуп, ҳгәаанагара ахьнаҳго ҭыԥуп ҳәа азгәеиҭеит иара.
"Даара акыр ҵуеит Женеватәи аиҿцәажәарақәа аиԥырҟьара рҭахыижьҭеи Европеи Америкеи, дара ақырҭцәагьы. Уа ҳаидтәыланы ҳаицәажәоит, аурысцәа рыда зегьы ақырҭцәа рыдгылыҩцәа роуп. Аҩбатәи афронт аашәырты ҳәа ақырҭцәа иразҳәо Женева иҳацәажәоз роуп", - ҳәа иҳәеит Надараиа.
Қырҭтәыла амчраҿы иҟоу ирҭахым аибашьра, ишыманшәалахо агәра ганы иҟаӡам, аха аоппозициатә мчрақәа Европа ацхыраарала рхы иақәгәыӷуеит, уи ауп аҩбатәи афронт ҳәа ааԥхьарагьы зыҟарҵо ҳәа азгәеиҭеит Надараиа.
"Аибашьра зҭахым аибашьра иҽазыҟаиҵароуп. Аԥышәарақәа мҩаԥго, ахырӷәӷәарҭақәа ргыло аҽазыҟаҵарақәа ҳрылагароуп. Убысҟан ауп ианаанаҳкыло аибашьра", - ҳәа иҳәеит Надараиа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.