Песков ахҳәаа ҟаиҵеит Украина аиадертә бџьар ахархәара аларшараз

Урыстәыла ахада Владимир Путин уаанӡа иҳәахьан Урыстәыла атеракт амҩаԥгаразы аҽазышәарақәа шыҟаз, аиадертә ргыларақәа ахьыҟоу аҭыԥқәагьы налаҵаны. Иара агәра диргеит аҭагылазаашьа хылаԥшра шамоу.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 17 - Sputnik. Урыстәыла ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков Урыстәылатәи Афедерациа аиадертә бџьар Украина ахы ианархәар алшома ҳәа иҭаз азҵаара аҭак ҟаҵо иҳәеит, аԥхьара шаҭаху аиадертә доктрина, уаҟа ишарбоу атәыла апозициа.
"Шәаԥхьа адоктрина. Уаҟа зегьы ануп", - иҳәеит Песков.
Уаанӡа Владимир Путин иҳәахьан, Урыстәыла атеракт амҩаԥгараз аҽазышәарақәа шыҟаз, аиадертә ргыларақәа ахьыҟоу аҭыԥқәагьы налаҵаны. Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит, Урыстәыла иалшо зегь шыҟанаҵо аҭагылазаашьа еицәамхарцаз.
Иара иажәақәа рыла, киев ааха знаҭо аинфраструктуреи атерактқәеи Москва макьана аҽанкыланоуп аҭак шыҟанаҵо. Иргәалаиршәеит, Урыстәыла арбџьармчқәа знык ааҟара иаарнырратә ааха шыҟанаҵахьоу "гәҽанызаарак" аҳасабала. Урыстәыла ахада иҳәеит Киев ас еиԥш даҽазнык ахы мҩаԥнагар, Урыстәыла ӷәӷәала аҭак шыҟанаҵо.