Путин: аоперациа ҷыда аплан шыҟац иаанхоит

Урыстәыла ахада иазгәеиҭеит Донбассҟа ишдәықәҵоу аурыс ар ахәҭак, урҭ шьаҿа-шьаҿала адгьыл ҿыцқәа рнапахьы иааргоит.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 17 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин аҳәамҭа ҟаиҵеит Украина имҩаԥырго арратә операциа ҷыда еиҭакшьа шамам, аха убри аан усҟак ихадам адҵақәа инарымҩатәны ишынарыгӡо. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, атәыла ахада Узбекисҭан имҩаԥысыз Шанхаитәи аусеицуратә еиҿкаара (ШОС) аҿы ипресс-конференциа адыррақәа шьаҭас иганы.
"Аоперациа амҩаԥысра ишаҿу аштаб хада инамҩатәны аоперативтә ӡбамҭақәа аднакылоит, уи хықәкы хадас иамоуп Донбасс ахақәиҭтәра. Ари азы аусура шцац ицоит украинатәи ар аконтржәыларақәа рымҩаԥгара рыҽшазԥыршәогьы", - иҳәеит ахада.
Владимир Путин иазгәеиҭеит киевтәи амчрақәа атеррористтә методқәа рхы ишадырхәо аибашьра амҩаԥгараан, аиадертә ргыларақәа рҵакырақәа рганахьалагьы атерактқәа еиҿыркаарц рҽазыршәоит иҳәеит иара.
"Урыстәыла макьана еиҳа аҽынкыланы Украина аинфраструктура иахьалахысуеи атерактқәеи рҭак ҟанаҵоит", — иҳәеит иара, иагьазгәеиҭеит урҭ апровокациақәа ирыцырҵар, аурыс мчрақәа еиҳа иџьбароу аҭак рырҭо иашалаго.
Аинфлиациа, асанкциақәа, афатә азы аилаӡара: Путин адунеитә ҭагылазаашьа ахәшьара аиҭеит
Аиҿцәажәарақәа рыӡбахә ҳәо, Путин иҳәеит Кеив урҭ рылахәхара мап шацәнакуа, аибашьра адәаҟны аиааира ргар шырҭаху. Убри азы Зеленскии иареи хаҭала реиԥылара макьана изаламцәажәо, избанзар уи ихаҭа мап ацәикуеит.
Иара убас ахада иажәа иацҵо иҳәеит аоперациа ҷыда изалагаз, мраҭашәаратәи атәылақәа еидгыланы Урыстәыла иаҿагылоу анклав аԥҵара аԥырхагахаразоуп ҳәа. Иара инаҵишьит уаанӡатәи аколониатә ҳәынҭқаррақәа шашьцылаз атәым џьабаала анхара, иахьа уажәраанӡагьы ус иҟоуп рполитика.
Путин Мраҭашәаратәи асанкциақәа адунеи зегьы ашәарҭара иҭанаргылоит иҳәеит